Последние посты

Ахьыуардын
22 сент., 16:00
Ажәа ҟәышқәа, ажәа гәылхқәа аԥсуа ихәыцшьа зныԥшуа• Ауаҩы иԥсы зазааит, имгәа бжьазааит.• Рыцк ҳаҭыр ақәызҵо ауеиба иеиԥш дынхеит.• Ҩ-џьмакы урыцзар аҵкыс шәкы урыцзар еиӷьуп.• Ашәарыцаҩ бзиа цәыббын ашәарах деихсуам.• Чашәалада чашәара ацара иаԥсам.• Баҩ злоу баҩ ифеит.• Адгьыл уагьааӡоит, уагьафоит.• Ахырџьара ахарҽхәара иамааноуп.• Уаԥхьа узырҽхәази — ушьҭахьҟа узырџьази.
Ахьыуардын
22 сент., 12:05
Ажәа иазҟазаз ашәҟәыҩҩы хатәра, Аԥсны Жәлар рпоет, зхы-зыԥсы зегь аҭаны зус иаҿыз, аԥсуа литература иаҵәатәышьаҟоу арҿиаҩцәа дуқәа иреиуоу Витали Амаршьан диижьҭеи 85 шықәса ҵуеит иахьа. ⚜️Аҵла хырхәоит, амахә шьҭасуеит, Ҵаҟа еиқәылоит асырҳәы. Сымҩахь ҭынчрам, аԥша асуеит, Аха снеиуеит сымлаҳәы.Снеиуеит, саԥхьа имардароуп, Сышьҭахь иааиуа иргәаԥхо, Сыграпара мҩа цқьахароуп, Уаҩ ирҿиазоуп иҭынхо!..1960Са сахылҵит Аԥсынтәыла, Аԥсынтәылоуп са сызԥоу. Са саԥсыуоуп гәыла-ԥсыла, Аԥсуа гәыцқьоуп исызҭоу. Сыԥсадгьыл иаиур џьара цәҟьарсҭак, Сыхәрабӷьыцхоит иаразы.
Ахьыуардын
19 сент., 17:37
Иԥсы ҭазҭгьы иахьа 70 шықәса ихыҵуан Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз асахьаҭыхҩы, аимпрессионист Заур Аџьба.Аҟазара гәыхәс изҭахыз, уи аизҳазыӷьара зылаԥш ахыз, иагьалахәыз иакәын. Аԥсуа Ван Гог ҳәа иарҳәон.Заур Аџьба Аҷандара диит. Абаҩхатәра злаз ҿыханҵаҩын, иналукааша аихьӡарақәа иманы Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа далгеит. Раԥхьатәи хаҭалатәи ицәыргақәҵа мҩаԥысит Гәдоуҭа, 23 шықәса анихыҵуаз. Аԥсны асахьаҭыхцәа реидгыла далан, қәҿиарала аус иуан. Хара имга дрыдыркылеит Асовет Еидгыла Асахьаҭыхцәа реидгылахьгьы ирҿиаратә ҩаӡара ҳаракы азгәаҭаны.Атәыла ду ахьӡала еиҿкаахоз аусмҩаԥгатәқәа рахь днарыԥхьон. Изныкымкәа Европа дцахьан. 1990 шықәсазы Австриа имҩаԥысуан Ван Гог ишәышықәсахыҵра иазкыз ацәыргақәҵа, ари ахҭыс ҟазак иаҳасабала далахәын аԥсуа импрессионист Заур Аџьба.1992 шықәса, ԥхынгәымзазы, аибашьра алагара мчыбжьқәак шагыз Санкт-Петербург имҩаԥысит асахьаҭыхҩы
Ахьыуардын
17 сент., 19:35изменён
Цәыббрамза 17, 1846 шықәсазы Лыхны иҟаз Аԥсны аҳцәа раҳҭынраҿы диит аҵеи — Ҳамыҭбеи иԥа Гьаргь Чачба. Аҳ иԥа Гьаргь диижьҭеи сынтәа 180 шықәса ҵуеит.Зыжәлар ҵәатәы шьаҟаны ирызгылашаз, аха инагӡаны зымч дмырхаз, XIX ашәышықәсазы аԥсуа интеллигенциа иаарылукаашаз ахаҭарнак — апоет, апублицист, адраматург, аурыс ар рафицар.Гьаргь хәыҷы агәырцҟәыл бзиа змаз ҷкәынаны изҳауан. Аа-шықәса ихыҵаанӡа иаб иаҳҭынра дааӡеит, уи длааӡон зан д-Маршьанԥҳаз, аԥсшәа бзианы издыруаз Кьесариа Дадианԥҳа, абжьыуатәи Чачаа рҭаца. Далгеит иҿырԥшыгаз Қәҭешьтәи агимназиа, уи анаҩс адиутантс дрыдыркылоит. Заамҭазы аҵара ду змаз аӡә икәын (аҵара иҵон Петербург, Париж), зҭеиҭԥши зыхныҟәгашьеи уаршанхоз аристократын.Гьаргь Чачба ихатәы бызшәа цқьаны иҳәон, атәым бызшәақәа рацәаны идыруан (аурысшәа, аҭырқәшәа, ақырҭшәа, англыз, афранцыз, анемец, алатин бызшәақәа). Аԥсшәа шидыруаз атәы азгәеиҭон апрофессор
Ахьыуардын
16 сент., 15:45
Аҳҷыԥсаа ирҳәамҭаны• Алеишәа ашьапы ахьԥырҟаз Аԥсноуп.• Аҳҷыԥсы — аԥсуа леишәа иагароуп.• Леишәала аҳҷыԥсаа, хаҵарыла ҵабалаа.• Алеишәа џьыкала иаархәаӡом, уцәа иалазароуп.• Аиҳабы ииҳәаз аныуулак ауп алеишәа аныҟало.• Аԥсышәала иуҳәаз, улеишәа ахьысҳахара аназааугалак, иуҳәаз уаԥсышәа ԥхасҭас иҟауҵеит.• Аԥсышәа аӷаџыҳәа изҳәо ауаҩы илеишәаҿгьы дразызар ауп.• Алеишәаҵара Ҭәахы ицон. Ҵарҭаны иахьыҟаз Ҭәахы акәын.• Аԥсуа имца раԥхьа Ԥрыскьылаа иргеит.
Ахьыуардын
15 сент., 10:40
Ари адунеи наӡаӡа инлыжьит Заира Ҵәыџьԥха, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист. Каламԥынҵала зыуаажәлар рымаҵ зуаз, здырреи, збаҩхатәреи, злеишәеи ыҟаз. Аиаша дацын, аиаша мҩаԥылгон. Лзанааҭ аҿы еицамкуа ахьӡ лчаԥеит. Лнарцәымҩа лашазааит! Лыԥсаҭа бзиахааит! 🙏🏻УАҴӘЫНӠАЕибаҳҳәоит: — Бзиала уаҵәынӡа, Ҳаиԥырҵуеит нас хаз-хазы. Иаакылсуеит аҵх лашьца ҭынчӡа, Ӡхыҵроушәа ҳагоит хәыҷ-хәыҷы...Дыҟами изаԥымлаз ашара, "Уаҵәынӡа" ҳәа ҳаҳәаны ицаз; Изагәылымсыз аҵх лашьцара, Амра уаҳа изымбаз!..Дҟамлааит ҳабжьара қәрахьымӡа, Адунеи иара усгьы иуаароуп. Бзиала, нас, сҩыза, уаҵәынӡа, Уаҵәынӡагь ҳамҩа хароуп!..Витали Амаршьан
Ахьыуардын
13 сент., 15:05
переслано из @sputnik_apsny_info
Аԥсуаа ҳчараҿ аҭаца дрыман агәараҭа ианазааигәахоз дәыкаҿ акәын иахьхысуаз, аҩны иавагылан, ауаазегьы рыгәҭа акәмызт ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, асахьаҭыхҩы, аҟаза Нодар Ҵәыџьба."Уи аҭаца дрыман аҩны ишазааигәахоз атәы аҳәон. Иахьа зегьы еилагоуп, азымдырра ауп изыхҟьо", — ҳәа азгәаиҭеит Ҵәыџьба.Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран иара убасгьы иҳәеит, аԥсуа рҿы "иҟалоит-иҟалаӡом" акәымкәа, ԥхашьароуп, ихьмыӡӷуп ауп инызкылоз, иакәымыз дызмырҟаҵоз ҳәа."Урҭ ажәақәа иахьагьы амч рымоуп. Уи еилызкаауа дыбжьадырӡуам", — иҳәеит Sputnik асас. #social
Ахьыуардын
12 сент., 12:40
Еицырдыруа аԥсуа композитор, Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ, адирижиор Ражьден Гәымба диижьҭеи иахьа 100-шықәса ҵуеит (1926 - 2007).Ашәа аԥҵара иазҟазаз, жәлар рбаҩхатәра злаз арԥыс диит-дааӡеит Дәрыԥшь ақыҭан. Уи иабду Мамсыр Гәымба аҷкәын агәырцҟәыл шилаз ибон, Тәанихәа аҳаблаҿы хәылбыҽхала абыргцәа ахьааидтәалоз дигалон. Уа алахҿыхра ыҟан, ишәаҳәон, икәашон, ажәытә ажәабжьқәа еиҭарҳәон. Урҭ зегь даара дрызҿлымҳан Ражьден дышхәыҷыз, еиҳаракгьы афырхаҵаратә ашәақәа. Иаҳауаз гәникылон, инарҵауланы еиликаауан зыӡбахә рҳәоз аԥсуа ламыс, аҵасқәа, ахьӡ-ахьымӡӷ, аԥсадгьыл абзиабара уҳәа.Дук мырҵыкәа абыргцәа раԥхьа днагыланы, дара ирҿиҵааз ашәақәа хорк еиԥш идирҳәо далагеит. Ашкол аҿгьы убас, 10-ҩык рҟынӡа злахәыз аҵаҩцәа рхор еиҿикааит. Урҭ идирҵон ажәлар рашәақәа реиԥш иара ихатә аԥҵамҭақәагьы. Абарҭқәа рыла Ражьден Гәымба дышқәыԥшӡаз Ашәа бзиа ибеит, иԥсҭазаарагьы изацрымго иахәҭакхеит.
Ахьыуардын
11 сент., 12:25
Иахьатәи Гал уаҩ дызхымыз бнаран, адгьыл рыцкьаны ашырҭа анхитуаз Ҭлабӷан Қьецба — ақәраду нызҵыз аԥсуа нхаҩы, ашәарыцаҩ, ажәабжьҳәаҩ. Диижьҭеи 220 шықәса ҵит сынтәа.Изларҳәо ала, иара диит хараӡа иҳаҩсхьоу 1806 шықәсазы, усҟан Қьалышьбеи Чачбагьы иԥсы ҭан. XIX ашәышықәса аилаҩеиласрақәа зегьы дырхаанын, XX-тәи азбжаранӡа днеирц егьааигымхакәа идунеи иԥсахит 1943 шықәсазы, уаҳа чмазарак ицәа иаламшәаӡакәа, 137 шықәса дшырҭагылаз!Анкьа агәабзиара рацәан ҳәа иҟоу агәаанагара шҵабыргу агәра угоит абас иҟоу ансымыҩақәа уанрызхьаԥшуа. Ҭлабӷан Қьецба аӷьараҳәа иҟаз хаҵа ӷәӷәан. Ашьамхы џьбара зҵаз шьханыҟәан, дшәарыцаҩ дуун, ҩымш-хымш ныҟәа ҽнак ала дахысыр илшон (80-90 км).Аҭоурых аҿы ихьӡ аанхеит Гал анхарҭа ашьапы зкыз иакәны. Имхы азааигәара аҩны иргылеит, ԥҳәыс дааигеит, анхамҩа ԥшӡа еиҿикааит. Акы дазрыцхамкәа ихы ныҟәигон, аԥхын адгьыл чашәра дықәаарыхуан, аӡын ишәақь аакныхны
Ахьыуардын
11 сент., 07:51
Ахьыуардын аԥхьаҩцәа иаҳзаарышьҭыз асахьаныҟәа. Шьхалбаан — ахҭыгәлаҩ иблала. Аԥсаса рахә еизырцан, ашьха агәы ааныжьны, ақытақәа рахь илбаарцоит. Ашәаԥыԥаџьаԥ уажәыгьы ииаҵәаӡа иҟоуп, аха ахьҭа аҿалахьеит. Ари ҭыхуп Аԥсны аҩада-мрагыларахьтәи аҳәаа азааигәара, Сакьан. Ажәытәӡатәи аԥсуаа рышьхацамҩақәа руакы ианыланы иаауеит уажәы, "рреит-рреит" ҳәа аԥсҭақәа ҭырцәажәаауа. Еиҳа гәарышәхааит, арахәааӡаҩцәа!• Шьхалба́ан, • Шьхахынҳәы́н, • Шьхы́ҵын, • Рахәе́илцан, • Рахәе́изцан#асинонимқәаАсахьаныҟәа: Амина Лазԥҳа🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ахьыуардын
10 сент., 12:51
Сынтәа 175 шықәса ҵуеит Аԥсны раԥхьаӡатәи ашкол аатиижьҭеи. Ари ахҭыс ҟалеит Самырзаҟан агәеисырҭас иԥхьаӡаз Уақәым ақыҭан, 1851 шықәсазы. Ашкол аартрақәа уи аԥхьагьы иаԥшьыргахьан Лыхны (1810-тәи ашықәсқәа рзы), Пицунда (1846), аха усҟанқәа раан агәҭакы зынамӡеит.Уақәым ашкол аиҿкаара иџьабаа дуӡӡа адуп аԥшьаҩы, абаӷәлачын, аҵара бзиаӡа змаз Давид Маҷавриани (1821–1905), уи иҷкәын Константин иакәхоит анаҩс Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол ахылаԥшҩыс иҟало, 1891 шықәсазы Дырмит Гәлиа аԥсуа нбаншәҟәы аиқәыршәараҿы ицхраауа.Уақәымтәи ашкол аханатә иаанахәеит 100-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа, урҭ ҩ-гәыԥкны еихшан: 8 - 15 шықәса зхыҵуа, 18 - 35 шықәса зхыҵуа ҳәа. Самырзаҟанаа рыдагьы иҭан Аԥсны егьырахьынтә ахәыҷқәа. Акыраамҭа ишкол заҵәны иҟан иара. Харантә иаауаз рзы уи ашҭаҿы аанҿасырҭа-пансион жыцә ргылан, 40-ҩык рҟынӡа ахьышьҭалашаз.Аурокқәа мҩаԥысуан ашьыжь асааҭ ааба инаркны жәаҩа сааҭ рҟынӡа.
Ахьыуардын
8 сент., 16:05изменён
Аҳаҭа иҭоу умбакәа аԥшра уахымччан ҳәа аԥсуаа ражәа иалоуп. Ари ажәаԥҟа зхылҿиааз ҳәа аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ҳәамҭа еиҭеиҳәон ажәабжьҳәаҩ ду Маадан Сақаниа (Иҳәамҭақәа, 1970, ад. 48). Асиужет ааркьаҿны:Ахан-иԥацәа иреиуаз, Хаҵа Кьаҿ захьӡыз гәымшәак, иҩыза даашьҭыхны игәылара қыҭа дақәлеит, руахьад ааицарц. Уи ақыҭан дынхон зылақәа цахьаз ҭаҳмадак. Ианиаамҭаз дфырхаҵан, аха уажәы аиарҭа даман, ақәылара иҟалаз гәнигеит. Аҭаҳмада игәынқьра иаҳаит макьана "зарԥыс цәцәымҭа иҭагылаз" иара иҷкәын. Аҷкәын Шарадын ихьӡын, иаб иҽы ааҭыганы аӡыхь алирсит, нас акәадыр нақәҵаны, иаб иҳазырҭра, иаҳәа, ишәақь аашьҭихит.— Иулшарызеи, уара рыцҳа? — иҳәеит аб. — Ушьа салҵзар уаҳап, — иҳәеит Шарадын... Ақәылацәа аӷлҩа хартәаланы ишцоз Шарадын дрыхьӡан ибжьы цәгьа дирҳаит: — Шәзымцеит, шәабџьар шьҭашәҵ! — ҳәа. — Аҷкәын бзамыҟә, ушеибгоу наҟ угьежьы! — рҳәеит ақәылацәа. — Шәымццакааит, шәласцәахар,
Ахьыуардын
5 сент., 15:35
переслано из @sputnik_apsny_info
Апроект "Уаҵәтәи аԥсшәа" ахықәкы хада — иԥсабаратәым ахдырра аԥсшәа анҭаҳгалалак анаҩс, уи ашьаҭала ацифратә жәарқәа, абызшәа зҿуҵааша еиуеиԥшым апрограммақәа, ахәмаррақәа уҳәа раԥҵара алыршахоит ҳәа арадио Sputnik аҟны илҳәеит апроект анапхгаҩы Анна Гәниаԥҳа."Ҳапроект анхҳаркәшалакь IT аусзуҩцәа еиуеиԥшым апрограммақәа аздырхиартә излырхша ашьаҭа роуеит", — лҳәеит Гәниаԥҳа.Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥшыр ҟалоит Sputnik Аԥсны асаит аҟны.🖇 "Уаҵәтәи аԥсшәа" — иԥсабаратәым ахдырраа аԥсшәа аҭагалара иазынархоу проектуп. Инагӡахоит Аԥсны ахадеи, Аҵара аминистрреи, Арепатриациа афонди, Урыстәыла ахада ифонди рыцхыраарала. #social
Ахьыуардын
5 сент., 15:35
Аԥсшәа ҳаамҭазтәи атехнологиақәа раларҵәара иазынархоуп мҽхакылеи уааԥсыралеи иҭбааӡоу абри апроектгьы — Анна Гәниаԥҳа напхгара зылҭо, ихәарҭахаша алҵшәа бзиақәа аанашьҭыԥ ҳәа ҳаззыԥшу.
Ахьыуардын
5 сент., 15:10
Аԥсуа бызшәа алшарақәа есааира еизҳауеит зегь ҳазмадоу ацифра адунеи аҿы.Google-и Яндекс-и аԥсшәа рҵеижьҭеи рацәак мҵыцкәаны, даҽа ҩаӡарак аҟны даҽа цәҟьарак кыдхуп. Уажәшьҭа атекст аиҭагара адагьы, апрограмма убжьы еилнакаауеит, бжьыла аҭак унаҭоит. "Аиҭагаҩ" ахьӡуп, App Store аҟнытә изҭаху иҭеигалоит. Лассы иҟалоит Google Play аҟынгьы. Ари аҩыза алҵшәақәа лабҿабахоит зусура згәы азыҩуа, згәы ақәку ауаа анаҿу. Аԥсшәа иамоуп аԥеиԥш, иҟоу ҳзеиқәырхар, иҟоу иацызҵо аныҟалах — иаҳагьы. Ҳаамҭа афырхацәа ҳәа рзуҳәар ауеит урҭ, иахьатәи амаругақәа знапаҿы иааганы ҳабызшәа аамҭа иацныҟәартә, џьара акы иаҵамхартә аус адызуло зегьы.Еиҳау аихьӡарақәа раагара ҳҽазаҳшәоит, иҟоу ахаҭабзиара еиӷьхоит, — иҳәеит Леуан Лагәлаа, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аԥсуа бызшәа аҿиара афонд анапхгаҩы, арҭ апроектқәа аԥсҭазаара иалазырҵәо. Анаҩстәи шьаҿоуп иԥсабаратәым ахдырра аԥсышәала ихәыцуа, ахы иақәиҭны
Ахьыуардын
3 сент., 17:20
переслано из @sputnik_apsny_info
"Аԥсуа журналистика ҩагыландаз ҳәа схәыцуан есымша, исҭахын аԥсуа ибжьы, аԥсуа иажәа Аԥсны иқәыҩларц", — иҳәеит Гурам Амқәаб.Гурам Амқәаб 30 шықәса инеиҳаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра аиҳабыс дыҟоуп. Иара иажәақәа рыла, астудентцәа лымкаала ирҭахуп ажәабжь аиҭаҳәашьа аҵара.Амқәаб игәаанагарала, аԥсуа журналистика аҭыԥҳацәа рхаҿроуп иамоу."Сгәы иаанагоит аҷкәынцәа рхаҿсахьеи, рнапкымҭеи, рҳәамҭеи ыҟазароуп", — ҳәа иԥхьаӡоит иара.🖇 Иахьа 75 шықәса ихыҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, ателережиссиор, ААУ ажурналистика акафедра аиҳабы, "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу, Аԥсны Аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Гурам Амқәаб.Инеиҵыху аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы. #social
Ахьыуардын
2 сент., 07:05
ҬАМАРА(Ҭамара Шьаҟрылԥҳа илыхьӡынҩылоуп)Банаацәырҵуаз ҳаизарақәарҿ, Ҳа ҳазцәымӷыз рыԥсқәа рӡон. Ба бымцаԥшьра ҳус дуаҿ Ҳадгылаҩцәа агәра ргон.Ба бгәымшәара ахшыҩ ацын, Бажәа цҳафыр усгьы ихиан. Баагылеижьҭеи аиаша бацын, Уи азы ақәԥара базхиан.Имариамызт быԥсҭазаара, Бгәы ԥызжәақәоз рацәан. Ба башьҭамызт амазара. Зыԥсы цқьамыз баӷацәан.Атәым хымҭа ба базымгеит.
Ахьыуардын
1 сент., 17:15
Адыррақәа зегьы иреиҳауп ахатәы бызшәа адырра. Ҳаӷацәа ирзымхәаҽыз, ӡи-мцеи ирзымгаз ҳаԥсшәа ԥшӡа аԥышәара дуӡӡа иахысхьан:Ари ҟалеит 1944 шықәса сентиабр аказы, Кәтол, Чаарқыҭ аҳаблан. Макьанагь аибашьра цон...Актәи акласс аҿы ауп сара аԥсышәала аҵара сахьахьӡаз. Аҩбатәи акласс ахь ииасыз ахәыҷқәа акласстә уада ҳанааҩнала, ҵыԥх актәи акласс аҿы аҵара ҳзырҵоз арҵаҩы ԥшӡа Қсениа Сиҭ-иԥҳа Агрԥҳа дныҩнаххын, ҿаалҭит: "Акыр иаԥсоу ахәыҷқәа! Шәгәы иалымсын, сшәыкәыхшоуп. Иахьарнахыс аԥсышәала аҵара иаҟәыхуп. Шәгәы иалсхьоу ак ҟасҵазар, саҭашәымҵан", – лҳәан, еидара дук даҵазшәа, ашьшьыҳәа, лылабжышқәа ԥхьаҳәо ауада дындәылҵит. Ҳара иҟалаз ҳзеилымкааит...Аԥсшәа ԥеиԥш амаӡам ҳәа иага ҟазарала иҳарҳәозаргьы, ҳахшыҩ дырҿыцырц иалагозаргьы, ҳара иҳаман ҳанацәа ргәыԥҳәыхш иадкылан иҳаҳахьаз ҳбызшәа агәыбылра, ҳхы-ҳгәы ирҭагьежьуа иҭан урҭ иҳарҭоз аԥхара. Уи зыбзоуроу ҳара ҳхала ҳакәӡамызт,
Ахьыуардын
1 сент., 15:20
📚Аҵара иазку ажәаԥҟақәа 10▫️Аҵара жәра ақәӡам.▫️Аҵара иуцәымӡуа малуп.▫️Аҵара лашароуп, аҵарадара лашьцароуп.▫️Амшынгьы ҳәаак амоуп, аҵароуп ҳәаа змам.▫️Аҵара еиҳабра-еиҵыбра амаӡам.▫️Аҵара Ерцахә иқәзаргьы умаашьакәа уцала.▫️Аҵара сасуп, ахшыҩ аԥшәымоуп.▫️Адунеи амра иарԥшӡоит, ауаҩы — аҵара.▫️Аԥхьара ззымдыруа длашәуп.
Ахьыуардын
31 авг., 14:30
Абаӷь ԥагьа 🐐Шьхалбаан акәын. Ахьча иԥсаса аҩныҟа рхы анирха, еижәыланы идәықәлеит.Аԥсаса ирылан уаҳа царҭа змамыз баӷь дук. Атәыҩақәа хьаша-ԥаша иахагылаз ирыҵаҽырбо, зқьаф ҭазза иҟаз рахәын иара. Абаӷь аԥаҵа џарџаруа, агәышԥы ргыланы, арахә раԥхьа илеиуан, ахашәа хы амбаӡо, аҽырԥагьаны. Аккарахь шыҟаз ианынҭала, аԥсаса еигәыдҵо, ирықәбаџуа, иаԥцаны аҿыланахеит.Ашәарыцаҩ дшааиуаз абаӷьи иареи ааиҿаҳаит, аха ашәарыцаҩ абаӷь ахымҩаԥгашьазы игәы намӡазт, ус дазҵааит: — Уара, изтәыда абри аԥсаса иуаԥцаны иаауцо? — Ыы, изтәыда захьӡузеи, — иааџьанашьеит абаӷь, — сара истәуп, уаҳа изтәыда!.. — Ибзиами уара иутәызаргьы! — ашәарыцаҩ уаҳа алаҿымҭкәа имҩахь дцеит.Уи ашықәсан аӡынра цәгьахеит, ахьча ирахә анапы шрыгхаз рныԥшит, иӷархеит. Абаӷь акәын, атәыҩақәа аҭынханы, иахьтәоу изымгыло, аарла аԥсы ӷыҵнагеит.Ааԥынра анааи, ахьча "рреит" иҳәан, ирахә
