gram news
Аватар канала Sputnik Аԥсны

Sputnik Аԥсны

@sputnik_apsny_info

Ажәабжьқәа – аԥсышәала! Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал

ПроектыKK

582подписчиков

Открыть канал

Последние посты

  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 19:09изменён

    Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәа инхо аԥҳәыс лганахьала қәымчрыла лызныҟәара инамаданы агәаҭарақәа мҩаԥнагоит.Ҩыџьа ахацәа аԥҳәыс хаҳәла ааха лырҭеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Уи ҟалеит цәыббра 20 асааҭ 21:00 рзеиԥш Аҟәа Кәыдрытәи амҩаду ала.Аҭыԥ ахь инеиз амилициа аусзуҩцәа иааныркылеит аамҭала ареспубликаҿы инхо — 2000 шықәса рзы ииз Архангельсктәи аобласт Городишьенскаиа ақыҭа ауаҩԥсы Сергеи Бессонови 1998 шықәса рзы ииз Набережные Челны ашәҟәы иҭагалоу Иури Чудини.Дара анаркотикқәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи рхархәара афакт ашьақәыргыларазы агәаҭара мап ацәыркит.Ааха зауз амедицинатә цхыраара лыҭоуп: иарку ахбаҩлашатә ааха, армарахьтәи лыбла ашьаҟәаҟәа ҭоуп.Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарала Чудини Бессонови жәохәымш аҭакра рықәнаҵеит.
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 16:53

    Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови ареспублика асоциалтә еиқәыршәара аминистр Кама Аӡынԥҳаи еиԥылеит.Ацҳаражәҳәарҭеи аусбарҭеи реинырра ахырхарҭақәа ируакуп аҳәынҭқарратә маҵзурақәа ацифраркра, избанзар Аԥсны иҟоуп урыстәылатәи асоциалтә цхыраара ауснагӡатәқәа зауа, аха апроцессқәа жәпакы напыла имҩаԥысуеит, автоматизациа рҭахуп."Ҳаиқәшаҳаҭхеит Ацҳаражәҳәарҭа ахәҭакахьала, аԥсуа ган азыҳәарала ари аусура аҽаланархәлоит ҳәа, иара убас Аминистрра ацхыраара анаҭоит урыстәылатәи амчратә усбарҭақәеи дареи реинырра ашьақәыргылараҿы", — ҳәа иҩит Гладков ителеграм-канал аҿы.Аӡынба иазгәалҭеит ареспубликаҿы ацифраркра аглобалтә знеишьа шхымԥадатәиу, асоциалтә усхк аҟны адагьы, егьырҭ аусхкқәа зегьы рҿы.
    TelegramSputnik АбхазияПосол России в Абхазии Вячеслав Гладков встретился с министром соцобеспечения республики Камой Адзинба. Одно из направлений взаимодействия посольства и ведомства — цифровизация государственных услуг, так как в Абхазии есть получатели российских мер соцподдержки…
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 16:03

    переслано из @apsua_sputnik

    Ажәа ҟәышқәа, ажәа гәылхқәа аԥсуа ихәыцшьа зныԥшуа• Ауаҩы иԥсы зазааит, имгәа бжьазааит.• Рыцк ҳаҭыр ақәызҵо ауеиба иеиԥш дынхеит.• Ҩ-џьмакы урыцзар аҵкыс шәкы урыцзар еиӷьуп.• Ашәарыцаҩ бзиа цәыббын ашәарах деихсуам.• Чашәалада чашәара ацара иаԥсам.• Баҩ злоу баҩ ифеит.• Адгьыл уагьааӡоит, уагьафоит.• Ахырџьара ахарҽхәара иамааноуп.• Уаԥхьа узырҽхәази — ушьҭахьҟа узырџьази.
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 15:05

    XVI ашәышықәсазтәи аџьазтә ԥҳал Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ҳамҭас ианаҭеит.Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аирыӡ атиурк хылҵшьҭра амоуп, аҭоурыхтәи акультуратәи ҵакы ду ацуп. XVIII ашәышықәсазы аҭыԥантәи аҟазацәа хәҭа-хәҭала аалыҵ еиҭаркит, амаа ҿыци аҵеи азырчаԥеит.Аҳазалхыҩцәа уи рыԥшааит атәыла анҭыҵ закәаншьаҭада алгара аҽазышәараан.Амузеи адиректор Аркади Џьопуа иазгәеиҭеит аусбарҭа иааиԥмырҟьаӡакәа зыхә ҳараку аҭоурыхтә ԥшаахқәа шрынаҭо. Амузеи аусзуҩцәа аҭҵаарақәа ркомплекс мҩаԥыргараны иҟоуп арыцхә иаша ашьақәыргыларазы, аԥҳал ахылҵшьҭра аилкааразы, уи ԥхьаҟатәи алахьынҵа ашьклаԥшразы.
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 15:01

    Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Россотрудничество анапхгаҩы Игор Чаика диԥылеит.Аганқәа ирылацәажәеит аспециалистцәа ҿарацәа рҵара анхыркәшахалак ашьҭахь Аԥсныҟа рырхынҳәра ацхраара, рыԥсадгьыл аҿы урҭ ԥхьаҟатәи рзанааҭтә усуразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара азҵаарақәа. Игор Чаика иазгәаиҭеит, 2026 шықәсазы Россотрудничество аганахьала урыстәылатәи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ишырҭалаз 115-ҩык Аԥсны атәылауаа.Иара убас, ирыхәаԥшын иреиҳаӡоу аҵареи агуманитартә усеицуреи русхк аҟны аусеицура алашарақәа змоу ахырхарҭақәагьы.Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп жәларбжьаратәи аренаҿы ареспублика иҵоуроу ахаҿсахьа аҭыԥ алкаареи аӡыргареи рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусура. Убри инамаданы Барцыци Чаикеи Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭеи аҳәаанырцә иҟоу Аурыс ҩнқәеи реинырра иалацәажәеит.🖇 Олег Барцыц усутә ныҟәарала Москва дыҟоуп. Иара Урыстәыла аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 14:56изменён

    Аԥсны афымцаҳатә нхамҩа аиҭашьақәыргылара аус иацҵоуп ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҭира аусбарҭа аиҳабы Саид БлаббаАсовет аамҭазы ишьақәыргылаз афымцаҳақәа уажәтәи ақәыӷәӷәарақәа рзычҳаӡом. Аҩнеихагылақәа рҿы урҭ еиҭашьақәдыргылоит амчхара ҿыцқәа ҳасаб рзуны — уи аиԥҟьарақәеи амцакратә шәарҭареи рырмаҷра иацхраауеит.Иара убасгьы, имҩаԥысуеит афымцамчԥхьаӡага ҿыцқәа рышьақәыргыларазы апрограмма. Уи 44% рыла инагӡоуп, зынӡа ашықәс нҵәаанӡа ишьақәыргылатәуп 60 нызқь ԥхьаӡага. Апрограмма иалагаанӡа ишьақәыргылан 32 нызқь. Уажәы апрограмма ареспублика зегьы аҿы 53 нызқьҩык инареиҳаны ахархәаҩцәа амҽханакит.Апрограмма анагӡаразы ихадоу ацифрақәа:▪️26,3 нызқь фымцамчԥхьаӡага шьақәдыргыла; ▪️17 нызқь фымцамчԥхьаӡага шьақәыргылоуп аҩнеихагылақәа рҿы; ▪️9 нызқь инареиҳаны — хазхаҭалатәи анхарҭа ҩнқәа рҿы; ▪️22,9 нызқь аҩнеихагылақәа рҿы рышьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп;
    TelegramSputnik АбхазияРеконструкция электросетевого хозяйства продолжается в Абхазии, рассказал в эфире радио Sputnik начальник Управления энергосбыта "Черноморэнерго" Саид Блабба. Советские сети во многих местах не рассчитаны на нынешние нагрузки. В многоквартирных домах их…
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 13:17

    Аԥсны Аекономика аминистрра иаанацҳауеит х-хырхарҭак рыла абизнеси аинвестициатә проектқәеи рыдгыларазы азыҳәақәа шрыдыркыло.Аусбарҭа аусшәҟәқәа аднакылоит:▫️анаплак маҷи абжьаратә наплаки альготатә кредит рыҭаразы ԥхынҷкәын 1 аҟынӡа. Акредит азы азыԥҵәақәа 10% иреиҳамзар;▫️аарыхратә хархәагақәеи атехникеи рзы асубсидиақәа рзы жьҭаара 2 рҟынӡа. Адгылара ашәагаа-ахәԥса аҟынтәи 80%, аха 1,6 млн мааҭ иреиҳамзар;▫️аинвестициатә проектқәа ринфраструктурахь абиуџьеттә инвестициақәа рзы жьҭаара 9 рҟынӡа. Аԥаразоужьра апроект аинфраструктура ахәԥса аҟынтәи 50% рҟынӡа инаӡар алшоит.Алахәхаразы инарҭбаау алшарақәеи иахәҭоу аусшәҟәқәа рсиеи реилкаара ҟалоит Аекономика аминистрра аофициалтә саит аҿы иҟалоит.
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 12:19

    Ԥшьышықәса зхыҵуаз Габриела Лахина лышьразы раԥхьатәи азыӡырҩра мҩаԥгахоит иахьа, аӡбаҩ Олесиа Ҭарԥҳа лхантәаҩрала, Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы. Аӡӷаб лан лаҳәшьа Кристина Лахина ахара лыдырҵоит гәҭакыла, гәымбылџьбарала, дыргәаҟны дылшьит ҳәа. Ацәгьоура
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 12:06

    Ԥшьышықәса зхыҵуаз Габриела Лахина лышьразы раԥхьатәи азыӡырҩра мҩаԥгахоит иахьа, аӡбаҩ Олесиа Ҭарԥҳа лхантәаҩрала, Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы. Аӡӷаб лан лаҳәшьа Кристина Лахина ахара лыдырҵоит гәҭакыла, гәымбылџьбарала, дыргәаҟны дылшьит ҳәа. Ацәгьоура
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 11:27

    Ԥшьышықәса зхыҵуаз Габриела Лахина лышьразы раԥхьатәи азыӡырҩра мҩаԥгахоит иахьа, аӡбаҩ Олесиа Ҭарԥҳа лхантәаҩрала, Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы.Аӡӷаб лан лаҳәшьа Кристина Лахина ахара лыдырҵоит гәҭакыла, гәымбылџьбарала, дыргәаҟны дылшьит ҳәа.Ацәгьоура ҟалеит 2026 шықәса мшаԥы 7 асааҭ 20:30 инаркны 21:10 рҟынӡа, Маҷара ақыҭан. Кристина Лахина арыжәтәи арҩашьыгатә маҭәашьарқәеи лыдкыланы дыҟан, лаҳәшьаԥҳа длыпҟеит лҳәатәы ахьхалымҵаз азы. Аӡӷаб хәыҷы ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит мшаԥы 8 асааҭ 03:12 рзы.Аусҭҵаараан ишьақәыргылан ахәыҷы маха-шьахалеи психологиалеи аԥырхага шлыҭаз, лыпҟареи егьырҭ ақәымчрақәеи инеиԥынкыланы рхы ишадырхәоз 2025 шықәса ԥхынгәы 10 инаркны. Аргәаҟра ахҭыс инамаданы ацәгьоура ахәҭа ҿыц хацыркуп.Аамҭакала ахара здырҵо лхымҩаԥгашьа машәырла аԥсра зхылҿиааз гәҭакылатәи агәабзиара ааха ӷәӷәа аҭара аҟынтәи, ҷыдала гәымбылџьбарала ауаҩшьразы ҳәа аус еиҭакын.
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 11:18

    переслано из @apsua_sputnik

    «Сҽыжәны саахуеит, сҽы цыркьыхуеит. "Ашьапы чаԥаӡами?" – дсазҵаахуеит аӡәы. "Ашьапы чаԥоуп, аха амаҭ ацҳаит", – аҭак исҭахуеит уи».Зԥазаҵә дҭахаз Аԥсны Жәлар рпоет Витали Амаршьан аибашьраантәи иԥхыӡ.Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра адәаҿы иҭахеит 1716-ҩык ҳаԥсадгьыл ахьчацәа, Аиааира ашьҭахь аҳәааҿы иаҳцәыршьит даҽа 407-ҩык аҵеицәа. Аибашьра иахәхаз абџьар иаҵагылази аҭынч уааԥсыреи рхыԥхьаӡара ааидкыланы ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит… Хабарда ибжьаӡыз аламҵакәа…Аԥсны иаиуз аекономикатә ааха 11 миллиард доллар рҟынӡа артәеит. Аҭҵаарадырреи, акультуреи, аҭоурыхи ирыҭаз аԥхасҭа шәашьагьы амам.Ахақәиҭра аҳауа цқьа лбааҳдарц абри аҩыза ахә шәан.🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 11:02

    Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазку амҵәышәмпыл азы Жәларбжьаратәи афестиваль 3х3 мҩаԥгахоит Аҟәа, цәыббра 27 рзы.Ахақәиҭра ашҭаҿы еиԥылараны иҟоуп Аԥсни Урыстәыла арегионқәеи рҟынтәи акомандақәа. Хҭыс хаданы иҟалоит Аԥсны аҩбатәи ахада игәалашәара Ахраҿа агаразы атурнир.Ахәмаррақәа ирылагоит асааҭ 10:00 рзы, аныҳәатә аартра – асааҭ 14:00 рзы.Атурнир иалахәхоит: "Аԥсны Амҵәыжәҩақәа" (Аҟәа), "ЦССТ-ИГЕУ" (Иваново), "СевГУ-Leviathan" (Севастополь), "Феникс Ростов" (Ростов-на-Дону), "Жара" (Анапа), "Ростовтәи АЕС" (Волгодонск) Даҽа ҩ-командак рыхьыӡқәа ԥыҭрак ашьҭахь еилкаахоит.Атурнир инаваргыланы имҩаԥгахоит ақәыԥшцәа ркомандақәеи аҳәса ркомандақәеи рыбжьара аицлабрақәа – аиааира иазықәԥоит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи аа-командак. Актәи амш хнаркәшоит урыстәылатәи адиџьеитә дует Swanky Tunes ақәгыларала, асааҭ 20: 00 рзы.Афестиваль цәыббра 28 рзы Тҟәарчал иацҵахоит. Амҵәышәмпыли,
    TelegramSputnik АбхазияМеждународный фестиваль баскетбола 3х3 памяти Сергея Багапша пройдет в Сухуме 27 сентября. На площади Свободы встретятся команды из Абхазии и регионов России. Главным событием станет турнир за Кубок памяти второго Президента Абхазии. Начало игр — в 10:00…
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 10:40

    Ҭемыр Агрба аҳҭнықалақь ахадара апрофильтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи иареи Аиааира Амши аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амши разгәаҭара аҽырзыҟаҵара иалацәажәеит.▪️Цәыббра 27, 30 рзы Ахьӡ-аԥша Апарк аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит.▪️Цәыббра 30 рзы апаради акциа "Ԥсра зқәым аполки" рлахәылацәеи Аидгылара амҩала ианысуеит.▪️Аспорттә, арра-патриоттә, арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа рыпрограммақәа ирылагоит цәыббра 25 инаркны, ихыркәшахоит жьҭаара 5 рзы.▪️Цәыббра 25 рзы ауааԥсыра иҟарҵаз аҳәарала Аҳабла ҿыц аҿы аконцерт еиҿыркаауеит.
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 10:36изменён

    Аԥсны еизгоу акоманда Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи асуперхраҿа "КЕС-БАСКЕТ " аҟны аџьаз иаԥсахеит.Ахԥатәи аҭыԥ азы имҩаԥгаз ахәмарраҿы аԥснытәи амҵәышәмпыласыҩцәа Монголиа акоманда иаиааит — 57:50 ҳәа. Уи аԥхьа дара Ҭырқәтәыла, Ҟазахсҭан ркомандақәа ириааихьан, афиналбжаҿы акоманда "Россия-2" иаҵахеит.Ахԥатәи аҭыԥ азы ахәмарраҿ иалыркааит: ▪️ Лука Лукашевич-19 кәаталеи 9 мпылкреи ( аред. подборов); ▪️ Баграт Амҷба — 12 кәаталеи 16 мпылкреи; ▪️ Дамеи Маргиа-11 кәатала.Қәҿиарала иқәгылеит аҳәса ркомандагьы. Апиедестал аҟынӡа аҭыԥҳацәа зымнаӡеит, аха хазхаҭалатәи аҳамҭақәа ҩба аҩныҟа иааргеит.Камилла Занҭариаԥҳа атурнир "Иреиӷьу агәҭанытә хәмарыҩ" ҳәа далыркааит, Дана Аԥшьлааԥҳа аҟазаратә еицлабраҿы аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит.Ақәыԥшцәа ркоманда азыҟаиҵоит Дмитри Џьынџьал, аҳәса ркоманда — Николаи Гушьин.
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 10:28

    АК "Аԥсны" ахәмарыҩцәа хҩык Амедиалига Ахраҿа иреиӷьу абомбардирцәа рсиа ианылеит.Игнат Дмитриев, Мараҭ Агрба, Ҭемыр Агрба — Ахраҿа 4 атур ашьҭахь иреиӷьу абомбардирцәа хәҩык рхыԥхьаӡара иаҵанакит.Дмитриев иара убасгьы иреиӷьу ассистентцәа 5-ҩык дрылашәеит.🖇 Цәыббра 25 асааҭ 19:00 рзы астадион "Динамо" аҿы имҩаԥысраны иҟоуп АРК Ростов-и АК "Аԥсни" рыбжьара аҩнытәи даҽа хәмаррак.
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 09:21

    Гәдоуҭа ақалақь агәы ӡыда иаанхоит 14:00 сааҭ рҟынӡа.Аиԥҟьара зыдҳәалоу афымцаҳақәа рҿы апрофилактикатә усурақәа рымҩаԥгара ауп ҳәа аанацҳауеит "Гәдоуҭатәи аӡыканал". #social
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 08:41изменён

    Гәымсҭатәи афронт аҿы иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟа аргыларазы акомиссиа аԥҵара азҵаара иалацәажәеит атәыла ахада Иусбарҭаҿы.Аԥсны ахада ашәахьаҽны араионқәа рхадацәа алархәны аилацәажәара анымҩаԥигоз Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа адҵа ииҭеит абри азҵаара ахылаԥшры ҷыда аиҭарц. Бадра Гәынба иҳәеит хара имгакәан ишаԥҵахо акомиссиа.Атәыла ахада иазгәеиҭеит, абаҟа аҭыԥ азалхразы аветеранцәа ражәа аԥыжәара шаҭахо. Дара еицҿакны ирҳәеит зегь раасҭа иахьақәнагоу ҭыԥуп ҳәа ишырыԥхьаӡо Ешыра ақыҭан, иахьа аҳәынҭқарратә бираҟ ахьықәгылоу ахәы ҳарак."Зықьҩык инарзынаԥшуа ҳаибашьцәа ахьҭахаз Гәымсҭатәи ацәаҳәа ҳажәлар аҟазаареи аҟамзаареи ианырҭагылаз цәаҳәа ҟаԥшьык иаҳзаҩызан. Убри азын ҳаибашьцәа рфырхаҵара иасимволу абаҟа аргылара ҳаззегь ҭакԥхықәра ҳаракыла ҳазнеироуп", — иҳәеит Бадра Гәынба
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 08:36

    Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц усутә ныҟәарала Москваҟа дцеит.Иара Урыстәыла аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа дырԥылараны дыҟоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АдәАР апресс-маҵзура.
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 08:23

    Атеатртә усхк аҟны аусеицуреи Аԥсны атеатртә фестиваль амҩаԥгареи ирылацәажәараны иҟоуп Санкт-Петербург имҩаԥысуа, аԥсуа делегациа злахәхо еидҵоу акультурақәа Рфорум.Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба."Ҳәарада, ҳара азҿлымҳара ду аҳҭоит аҵаратә процесс.Ҳаргьы даара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит урыстәылатәи ҳколлегацәа, Урыстәыла акультура иадҳәалоу аҵараиурҭақәа рахь аҵаратә квотақәа рганахьала алшара дуқәа ахьыҟарҵо азы", — ҳәа азгәеиҭеит иара.Аминистр иажәақәа рыла, Аԥсны акинофестивальтә хырхарҭа аҿиареи афильмқәа рҭыхразы аҭагылазаашьақәа раԥҵареи ргәы иҭоуп. Уи афорум аҿы ахцәажәарақәа рзы хазы теманы иҟалоит."Ҳара уажәы урыстәылатәи агани ҳареи ҳҿы акинофестивальқәа ҩба рымҩаԥгара ҳалацәажәоит", — ҳәа еиҭеиҳәеит Ақаҩба.Даҽа хырхарҭак — ареспубликаҿы аҭыхрақәа рымҩаԥгара алзыршо ахатәы кино-база аԥҵара ауп. Аминистр иазгәеиҭеит уи афинанстәи
    TelegramSputnik АбхазияСотрудничество в театральной сфере и проведение в Абхазии театрального фестиваля планируют обсудить на Форуме объединенных культур в Санкт-Петербурге, в котором примет участие абхазская делегация. Об этом в эфире радио Sputnik рассказал министр культуры…
  • Sputnik Аԥсны

    22 сент., 06:36

    Есышықәсатәи жәларбжьаратәи апроект "Атомтә диктант" мҩаԥысит Аԥсны.Аԥсны Аурыс уаԥшь ашәҟәы иҭанагалаз адиктакт амҩаԥгарҭа ҭыпны иҟалеит Агәыӡера иҟоу анаука-аарыхратә еилахәыра "ЭРА Исток-СФТИ" абиблиотекеи Аҟәатәи ажәафтәи латәаралатәи-латәарадатәи абжьаратә школи.Алахәылацәа атомтә усхк аҭоурыхи, аҭҵаарадырратә аартрақәеи, атехнологиақәеи ирызку 20 зҵаара рҭак ҟарҵеит — аиадертә медицинеи атомтә енергетикеи инадыркны Арктика анапаҿы аагареи акосмос аҭҵаареи рҟынӡа.Аԥсны Аурыс уаԥшь ахантәаҩы Роман Риазанцев иазгәеиҭеит Аԥсны, Аҟәатәи афизика-техникатә институт, ареспублика аҭҵаарадырратә наплакқәа рлагала шыҟарҵаз СССР атомтә усхки иахьатәи Урыстәылеи рыҿиараҿы.Адиктант цәыббра 28 рҟынӡа имҩаԥыслоит — асаит аҿы онлаин режим ала изҭаху зегьы рхы аладырхәыр рылшоит — atomdiktant.ru. Апроект мҩаԥнагоит Аидгыла "Атомтә қалақьқәа" Аҳәынҭкорпорациа "Росатом" ацхыраарала.